Аҟәа даанкылоуп Ҭырқәтәыла атәылауаҩ ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура апресс-маҵзура.
Иҟоу адыррақәа рыла, 48 шықәса зхыҵуа Кадыр Иоздор Измир ақалақь аҿы еиҿкаау ацәгьоуратә гәыԥ напхгара аиҭоит. Ари агәыԥ 50-ҩык инареиҳаны ауаа алахәуп.
Иоздор гәҭакыла ауаҩшьрақәа ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас дыҟоуп. Уи изныкымкәа Ҭырқәтәылатәи азинхьчаратә усбарҭақәа рҟны ашьауӷа иқәырҵахьеит изакәантәымкәа абџьар аныҟәгареи аҵәахреи, иара убасгьы аԥаршеи шәҟәқәа рхархәареи рзы.
2024 шықәсазы иара Интерпол жәларбжьаратәи иԥшааразы ирыланаҳәеит.
Ҭырқәтәыла атәылауаҩ Егры аӡиас дырны Аԥсны далалеит.
Иаанкылоу АШәМ ахыбрахь днаргеит. Аоперативтә ҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

Аҟәеи Ростови рсахьаҭыхратә ҵараиурҭақәа рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
"Урыстәылаа аԥышәа ду ирымоу ҳхы иаҳархәоит, уи акырџьара иҳахәоны збоит" — ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аефир аҟны Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба, аиқәшаҳаҭра дазааҭгыло.
Иазгәеиҭеит уи алшарақәа шаанартуа онлаинла аимадаразы, аԥхын апрактикатә усурақәа рзы, аҵаратә система ашьақәыргыларазы уҳәа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра.

Sputnik Аҧсны
Аҟәеи Ростови асахьаҭыхратә ҵараиурҭақәа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Аҟәатәии Ростовтәии асахьаҭыхратә ҵараиурҭақәа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Ажәабжь арадио Sputnik аефир аҿы ахҳәаа аиҭеит Аҟәатәи ҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба.
Forwarded from Ахьыуардын
"Алабашьа абызшәа" ҳәа ишыҟоу еиԥш, ажәытә иҟазаарын аҟамчы "абызшәагьы", аԥсуа-адыгаа уи бзиаӡаны ирдыруан, рхы иадырхәон. Абырг илабашьа шикуа / ишыҵаирсуа ала дзызхәыцуа, ма аус дшазыҟоу уҵаиҳәар ауеит, убас аҟамчы акнаҳашьагьы иунарбоз ыҟан. Иаҳҳәап, асас иузааиз дыццакуа, ԥыҭк даанхо алауирдыруан.
1️⃣ Аҟамчхәы алада ирханы икнаиҳазар, иҽазкны сасра дааит, дыццакӡом.
2️⃣ Ус акәымкәа, ахәы аҩада ирханы аҵӷала икнаиҳазар, даакыдгылеит ауп, лассы дцоит ҳәа аанагон.
Анкьа аибабара, аиҭанеиааирақәа уажә аасҭа ирацәан, уи аҟынтә ари адырга хәыҷ апрактикатә хәарҭара ацын. Уҩны иааиз "уабантәааи", "уабанӡаҟоу" ҳәа иазҵааӡом, аха аԥшәмацәа асас игәы иҭоу рдыруазар иарманшәалон, ишакәхалак, ибзианы дныҟәыргарц иашьҭан, иааиламырцҳаӡакәа ихәы иалагон.
Амла иакыз, зҽы ааԥсаз аҽыуаҩ аҩнаҭа давсӡомызт, ауаҩы дахьазымдыруаз днеиргьы пату иқәырҵон, иҽгьы акраҿарҵон. Аԥсуаа рҿы асас дахьнеилакгьы ихәы ҵәахуп, асас хәы (доля гостя). Шьхаҳәын арахә ашьха ианкарцоз, быжьба-ааба хы аԥсаса аҩны иааныркылон, сасык дааир ҳәа.
Ауабара, ақәлабара ҳәа жәпаҩылагьы еицныҟәон аԥсуаа. Ԥыҭҩык аҽцәа адых-сыхҳәа агәараҭаҿы иааицҽыжәԥазар, аԥшәмацәа иреиуоу аӡӷаб, ма аҷкәын асасцәа даарыдыххыланы рҟамчқәа рымихуан. Аха аҩнаҭаҿы аҿар ыҟамзар, аԥшәма қәрала деиҳабызар — аҟамчы ирҭомызт, дара асасцәа иреиҵбоу даарылагьежьны ирылихуан.
🟠 Ԥҳәызбабара иааз арԥыс ицамҭазы иҟамчы ахькнаҳау иаакныхны аӡӷаб илыркыр, дылгәаԥхеит ҳәа аанагон.
Абас, ажәада аилибакаашьақәа рацәаны иҟан. Аинтерес аҵоуп "аҟамчхәы" иадҳәаланы аԥсшәа иалоу афразеологизмқәагьы:
◊ Ҟамчхәыла еибадырбо аӡӷаб — очень красивая достойная девушка;
◊ Ҟамчхәыла иалыркаауа арԥыс — лучший из лучших юноша, воин (отобранный из числа других как лучший по всем качествам)
📖 Аҟамчхәы́ — кнутовище
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Анкьа аибабара, аиҭанеиааирақәа уажә аасҭа ирацәан, уи аҟынтә ари адырга хәыҷ апрактикатә хәарҭара ацын. Уҩны иааиз "уабантәааи", "уабанӡаҟоу" ҳәа иазҵааӡом, аха аԥшәмацәа асас игәы иҭоу рдыруазар иарманшәалон, ишакәхалак, ибзианы дныҟәыргарц иашьҭан, иааиламырцҳаӡакәа ихәы иалагон.
Амла иакыз, зҽы ааԥсаз аҽыуаҩ аҩнаҭа давсӡомызт, ауаҩы дахьазымдыруаз днеиргьы пату иқәырҵон, иҽгьы акраҿарҵон. Аԥсуаа рҿы асас дахьнеилакгьы ихәы ҵәахуп, асас хәы (доля гостя). Шьхаҳәын арахә ашьха ианкарцоз, быжьба-ааба хы аԥсаса аҩны иааныркылон, сасык дааир ҳәа.
Ауабара, ақәлабара ҳәа жәпаҩылагьы еицныҟәон аԥсуаа. Ԥыҭҩык аҽцәа адых-сыхҳәа агәараҭаҿы иааицҽыжәԥазар, аԥшәмацәа иреиуоу аӡӷаб, ма аҷкәын асасцәа даарыдыххыланы рҟамчқәа рымихуан. Аха аҩнаҭаҿы аҿар ыҟамзар, аԥшәма қәрала деиҳабызар — аҟамчы ирҭомызт, дара асасцәа иреиҵбоу даарылагьежьны ирылихуан.
Абас, ажәада аилибакаашьақәа рацәаны иҟан. Аинтерес аҵоуп "аҟамчхәы" иадҳәаланы аԥсшәа иалоу афразеологизмқәагьы:
◊ Ҟамчхәыла еибадырбо аӡӷаб — очень красивая достойная девушка;
◊ Ҟамчхәыла иалыркаауа арԥыс — лучший из лучших юноша, воин (отобранный из числа других как лучший по всем качествам)
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза анапхгареи иареи русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Урыстәылатәи ақалақьқәа рҟынтәи аҳаиреимадарақәа рыҿиаразы иҟоу алшарақәа ирзааҭгылеит, абри атәы аанацҳауеит атуризм аминистрра.
Аусеицура ахырхарҭақәа ирхадоуп — атуроператорцәа дуқәа рҟынтәи апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара Шәачатәии Аҟәатәии рҳаирбаӷәазақәа рыбжьара реиҭахшара. Уи атуристцәа зегьы рхыԥхьаӡара аҟынтәи 25% рыла аизырҳара азгәаҭоуп.
Уи адагьы, аинфраструктура аҿиареи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзыхиареи, иаҭахханы иҟалар Аԥсны аҵакыраҿы апассаџьырцәа аҭыԥқәа рзыԥшаареи ирылацәажәан.

This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🔸2340-ҩык ахәыҷқәа ныҟәоит Аҟәа ахәыҷбаҳчақәа рахь, 203-ҩык арҵаҩцәа-ааӡаҩцәа урҭ рҵара-ааӡара рнапы алакуп лҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара аҵараусбарҭа аспециалист хада Аза Кәарҷиаԥҳа, арадио Sputnik аинтервиу аҭо.
1691-ҩык ахәыҷқәа аԥсуа гәыԥ ахь иныҟәоит, 650-ҩык — аурыс гәыԥ ахь.
"Сынтәа ашкол ахь ицараны иҟоуп 619-ҩык ахәыҷқәа. Аԥсуа школ ахь ицоит 473-ҩык ахәыҷқәа, аурыс школ ахь ицоит 146-ҩык ахәыҷқәа", — ҳәа азгәалҭеит Кәарҷиаԥҳа.
Аҟәа ахәыҷбаҳчақәа 13 рҟны аус зуа арҵаҩцәа-ааӡаҩцәа рыбжьара иҟоуп 14-ҩык аметодистцәа, хәыҷбаҳчацыԥхьаӡа аӡәаӡәа амузыка арҵаҩцәа, алогопедцәа, апсихологцәа, абаҩрҵәыра аинструкторцәа лҳәеит аспециалист.
📎Иҳаҩсыз амчыбжь азы аҳҭнықалақь ашколқәранӡатәи аҵараусбарҭақәа рҟны агәаҭарақәа мҩаԥган. Урҭ рылҵшәақәа, аҵарашықәс аихшьалақәа, ахәыҷбаҳчақәа рахь адкыларақәа, аҭыԥқәа рзымхара, акадрқәа рмаҷхара уҳәа азҵаарақәа арадио Sputnik аефир аҿы ирылацәажәеит Аҟәа ақалақь ахадара аҵараусбарҭа аспециалист хада Аза Кәарҷиаԥҳаи ахәыҷбаҳча "Аҟармаҵыс" аметодист Индира Базԥҳа.

Аҟәарақәа акурорттә аамҭа разыҟаҵара иалагеит.
Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистрра иатәу Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аӡхәыҵалаҩцәа Аҟәа аӡымҽхак рыҵақәа ррыцқьара иаҿуп. Дара лассы-лассы амшын аҵан аихатә маҭәарқәеи ишәарҭоу агәамсами рыԥшаауеит.
Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа иажәақәа рыла, есышықәса имҩаԥырго арыцқьарақәа амашәырқәа раԥырҟәҟәааразы ихымԥадоуп.
Аусурақәа мҩаԥгахоит Аԥсны иахьаҵанакуа — Гагра, Пицунда, Афон Ҿыц уҳәа егьырҭ ақалақьқәа рҟны ҳәа аанацҳауеит Амчратә усбарҭақәа рассоциациа.

🏖 Аԥсны урыстәылаа аҳәаанырцә ԥсшьаразы иалыркаауа ахырхарҭақәа хԥа ирыҵанакит.
АТОР заанаҵтәи адыррақәа рыла, аҳәаанырцә ԥсшьара рҭахуп 6,4 миллионҩык урыстәылауаа, арҭ арбагақәа 24,8% рыла еиҳауп ҵыԥхтәиқәа раасҭа.
Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит 1,1 миллионҩык атуристцәа зҭаауа рхыԥхьаӡараҟны, арҭ арбагақәа иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны 7% рыла еиҳауп. Иазгәаҭоуп, урҭ рыбжьара ишыҟоу — ҽнак ҳәа аекскурсиа иаауа шракәу.
Актәи аҭыԥ аннакылеит Ҭырқәтәыла — 3,15 миллионҩык урыстәылаауаа рыԥсы ршьоит, ахԥатәи — Китаи. Адыррақәа ирхыԥхьаӡалоуп атранзиттә туристцәагьы.

Акарате-до сито-риуи напышьашәалатәи ақәԥареи рзы Ареспубликатә турнир аатит Агәыӡера.
Уи Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазкуп.
Атурнир иалахәуп шә-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа қәыԥшцәа реиԥш адуцәагьы ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.

⚡️Урыстәылатәи аруаа Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы аиланхарҭа Новополи, Суматәи аобласт иҟоу Водолагеи рхы иақәиҭыртәит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
2015 шықәса хәымз ирылагӡаны Аԥсны еизгоуп 1,6 млрд мааҭ аҳазалхратә шәарақәа.
Арҭ арбагақәа 120 млн рыла еиҳауп ҵыԥх ари аамҭахҵәа иаҿырԥшны, абри атәы иҳәеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы анапхгаҩы Оҭар Хьециа, Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи иареи реиԥылараҟны.
Делба иазгәеиҭеит, аҳазалхратә шәарақәа иааидкыланы ареспубликатә биуџьет ахашәалахәы аҟынтәи 54% инареиҳаны ишышьақәдыргыло, иара убас Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҿаԥхьа иқәгылоу арбагақәа зегьы рынагӡара шхымԥадатәиу иҳәеит Делба, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа реилазаара апресс-маҵура.

Иреиӷьу асоциалтә проектқәа алкаахоит иахьа аинклиузивтә форум "Аԥсны аритм" аҟны.
Афорум автор Роман Пономаренко иажәақәа рыла, алахәылацәа жә-командакны еихшоуп, дара аӡбаҩцәа рҿаԥхьа рпроектқәа рыхьчоит.
"Алахәылацәа аҵарадырреи, аинклиузивтә ҵарадырреи, ирзыманшәалоу аҭагылазаашьеи, ирзыманшәалоу атуризми рхырхарҭақәа рыла апроектқәа еиқәдыршәеит", — иҳәеит иара.
Афорум иалахәуп Аԥсни, Урыстәылеи, Казахсҭани, Таџьыкисҭани рхаҭарнакцәа. Ахықәкы — ажәларқәеи реидкылареи асоциалтә еимадарақәа рыбжьаҵареи роуп иҳәеит Роман Пономаренко.
Алахәылацәа иҟарҵаз апроектқәа Нижни Новгород ацхыраарала Аԥсны анагӡара шалыршахо агәра згоит иҳәеит иара.
🖇 "Аԥсны аритм" 2017 шықәса аахыс Нижни Новгородтәи аобласт аҿы имҩаԥысуа асоциалтә наплакыҩцәа рфорум "Аритм аҵакыра" иахәҭакны иҟалеит. Иара иалахәхахьеит аинвалидра змоуи згәабзиара ԥкуи уахь иналаҵаны Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи 150-ҩык инареиҳаны ауаа.

Telegram
Sputnik Абхазия
🔸Лучшие социальные проекты определят сегодня на инклюзивном форуме "Ритм Абхазии".
По словам автора форума Романа Пономаренко, участникам, поделенным на 10 команд, нужно будет защитить проекты перед жюри.
"Ребята делают проекты в сфере образования, инклюзивного…

Аԥсны сынтәа ашкол хьтәы медалла иалгаразы хҩык аушьҭымҭацәа ықәгылоуп. Урҭ рыхҩыкгьы Аҟәатәи 10-тәи Ашьхарыуаа рышкол аҵаҩцәа роуп.
Зҵара бзиаӡаны ихзыркәшо Анна Аҩӡԥҳаи, Алиса Быҭәԥҳаи, Наала Бжьаниаԥҳаи арадио Sputnik Аԥсны ахь ааԥхьара рыҭан. Дара ишиашоу ицо аефир аҿы еиҭарҳәеит рышколтә ԥсҭазаара зеиԥшраз, аҵараҟны реихьӡарақәа зыбзоуроу, аԥхьаҟатәи рыгәҭакқәа уҳәа ртәы.
Аҭыԥҳацәа рыҿцәажәара инарҭбааны шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik Аԥсны асаит аҿы.

Аҩӡԥҳаи, Быҭәԥҳаи, Бжьаниаԥҳаи еиҭарҳәеит ашкол ибзиаӡаны ахыркәшара ирзацу атәы
Ахьтәы медал аиура иаԥсоуп ҳәа иалкаау хҩык аҭыԥҳацәа - Аҟәатәи 10-тәи Ашьхарыуаа рышкол аушьҭымҭацәа Анна Аҩӡԥҳаи, Алиса Быҭәԥҳаи, Наала Бжьаниаԥҳаи арадио Sputnik астудиа иасасцәан. Дара еиҭарҳәеит рышколтә ԥсҭазаара зеиԥшраз, аԥхьаҟатәи...
🎵 Акурорттә сезон аламҭалазы традициатәла Афонҿыцтәи астадион аҿы имҩаԥырго аконцерт ҟалоит иахьа, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аиҿкааҩцәа руаӡәк Вадим Шарапов.
"Аиԥш зеиԥшу асоциалтә проект мҩаԥаҳгоижьҭеи уажәшьҭа ԥшьышықәсоуп. Аконцерт иалахәхоит урыстәылатәи ашәаҳәаҩцәа реиԥш аԥсуа естрада артистцәагьы", — иҳәеит иара.
Сынтәатәи аконцерт аҿы иқәгылоит урыстәылатәи агәыԥ "Ненси", иара убас Татиана Овсиенко, Виктор Салтыков. Аҭыԥантәи артистцәа рҟынтәи асценахь ицәырҵуеит ашәаҳәаҩ AZARA, агәыԥ Jam.
"Ҳтәылеи ҳақалақьи рзы ӡыргара бзиоуп. Аконцерт ахь иаауеит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи ауаа, иара убас аԥсшьаҩцәагьы", — азгәеиҭеит Шарапов.
Ауснагӡатә аиҿкааҩ хада — аҭыԥантәи анаплакҩы Саид Званбаиа, уи адгылара ирҭеит ақалақь ахадара. Аконцерт алагоит асааҭ 18:30 рзы.

🎨 Греков ихьӡ зху Ростовтәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудентцәа аԥхынтәи апрактиказы Аԥсныҟа иаауеит.
Ростовтәи аҵараиурҭеи Александр Чачба-Шервашиӡе ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭеи ахәашаҽны аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит апрактика адагьы, асахьаҭыхра еиуеиԥшым астильқәеи атехникеи рдырразы аушьҭымҭацәа рдипломтә усумҭақәа онлаин аформат ала ргәаҭара, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи аҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба.

📱WhatsApp асмартфон жәытәқәа рҿы аусура иаҟәыҵуеит рашәарамза 1 инаркны.
Зыӡбахә рымоу 15.1 аасҭа ижәытәу iOS змоу аифонқәеи, иара убас Android 5.0 мамзаргьы уи аԥхьатәи аверсиа змоу ахархәагақәа роуп, абри атәы аанацҳауеит апортал 9to5Mac.
Апортал адыррақәа рыла, аиҭакрақәа 3 миллиардҩык ахархәаҩцәа ирныруеит.

Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
🔸Агәыҳалалратә акциа "Ахәыҷқәа рынасыԥ амш" мҩаԥган Афонҿыцтәи аҳаԥы аҿы.
Уи иалахәын 200-ҩык ахәыҷқәа — афонд "Ашана", ауаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" хылаԥшра зырҭои, иара убас ашкол-интернатқәа хԥа ирҭо аҵаҩцәеи.
Дара Афонҿыцтәи аҳаԥы иҭалеит, уа аексурсиа рзымҩаԥыргеит, аԥшырҭатә бааш иақәтәеит, аҟаза иклассқәа ирхысит.
Акциа мҩаԥган Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы иаартуижьҭеи 50 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит аҳаԥы апресс-маҵзураҿы.
Уи иалахәын 200-ҩык ахәыҷқәа — афонд "Ашана", ауаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" хылаԥшра зырҭои, иара убас ашкол-интернатқәа хԥа ирҭо аҵаҩцәеи.
Дара Афонҿыцтәи аҳаԥы иҭалеит, уа аексурсиа рзымҩаԥыргеит, аԥшырҭатә бааш иақәтәеит, аҟаза иклассқәа ирхысит.
Акциа мҩаԥган Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы иаартуижьҭеи 50 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит аҳаԥы апресс-маҵзураҿы.
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🔸Аконцерт "Аҿари ақалақьи — акультура аҵакқәа раԥҵара" мҩаԥысуеит афестиваль "Аиҩызара амҩа" аҳәаақәа ирҭагӡаны Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы.
Ари Аԥснытәии Нижни Новгородтәии артистцәа — ашәаҳәаҩцәеи акәашаратә ансамбльқәеи злахәу аҩбатәи концертуп.
Ахәаԥшцәа рзы иқәгылоит Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Абаза", Ильда Қәычбериаԥҳа, Саида Габниаԥҳа, Нижни Новгородтәи акамертә хор, Нижни Новгородтәи жәлар рашәаҳәаратә ансамбль "Лиубава" уҳәа уб.егь.
🖇 Аҟәа лаҵарамза 29 раахыс Нижни Новгород амшқәа мҩаԥысуеит. Аусмҩаԥгатәқәа жәпакы азгәаҭоуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аспектакльқәа, аконцертқәа, ацәыргақәҵақәеи аинсталлиациақәеи, аспорттә турнирқәеи аетникатә хәылԥази.
Аҟәеи Нижни Новгороди 2024 шықәса инаркны аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп.

Аԥсны арҩашьыгатә маҭәашьарқәа ахьалаирҵәоз азы ԥсраҽнынӡа аҭакра иқәырҵеит Узбекисҭан инхоз ахаҵа.
Шәача инхо 38 шықәса зхыҵуа Александр Ахмедов даанкылан лаҵарамза 27 2024 шықәсазы, абри атәы аанацҳауеит АҩАР апресс-маҵзура.
Иара имырхит аметадон згәылаԥсаз 95 еилаҳәыра, даҽа хәба ԥшаан Приморск ақыҭан маӡалатәи ашьҭаҵарҭақәа рҟны.
Ззин ыҟам амаҭәашьар иаадкыланы 93 грамм еиҳан.
Арҩашьыгатә маҭәашьар мҽхакыҭбаала аҭиразы аӡбарҭа аӡбамҭала Ахмедов имазара имхны, иџьбароу арежим ала ԥсраҽнынӡатәи аҭакра иқәнаҵеит.

К пожизненному заключению приговорили уроженца Узбекистана за сбыт наркотиков в Абхазии.
38-летнего Александра Ахмедова, проживающего в Сочи, задержали 27 мая 2024 года, сообщили в пресс-службе МВД.
У него изъяли 95 свертков с метадоном, еще 5 изъяли в…