tgoop.com/sputnik_apsny_info/7463
Last Update:
Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа амшцәгьа иахҟьаны ҭыԥ-ҭыԥла афымцамч аҿыхрақәа мҩаԥысуеит.
⚫️Цандрыԥшь ақыҭан иҟоу атрансформаторқәа руак аусура иаҟәыҵит, уи сааҭки бжаки, ҩ-сааҭк рыҩнуҵҟа ирыԥсахуеит ҳәа иҳәеит Гагра араион аҿы иҟоу "Амшынеиқәафымцамч" аҟәша аиҳабы Аслан Аиба.
⚫️Гәдоуҭа араион аҿы асанатори "Строитель" араион иахьаҵанакуа алашара ыҟаӡам. Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь аремонттә бригада неит.
⚫️ Аҟәатәи афымцаҳақәа аусбарҭа излаанацҳауа ала, Аҟәа ақалақь аҿы афымцамчтә ҳақәа аидара ирықәлаз аизырҳареи амшцәгьеи ирыхҟьаны, Синоп, Турбаза, Ҷанба имҩа, ақалақь агәҭы рҟны апроблемақәа цәырҵит.
"Астанциа маҷ "Синоп" аҿы аиқәыршәагақәа ԥхасҭахеит. Аԥхасҭа аԥыхуп, ҳаспециалистцәа уажәазы ацәаҳәа гәарҭоит. Афымцамч хәҭакла ауаа ирзынашьҭуп, аха аусурақәа мҩаԥысуеит. Ақалақь агәаҿы проблема маҷқәак аҭыԥ рымоуп, алашара ыцәоит асы зқәу амахәқәа афымцаҳақәа иахьрықәҳауа азы", — ҳәа иҳәеит Аҟәатәи афымцаҳақәа аусбарҭа анџьныр хада Алексеи Строчан.
Иара иазгәеиҭеит амҩақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа иахҟьаны аенергетикцәа оперативла аҭакҟаҵара шрылымшо.
⚫️Очамчыра араион ақыҭақәа Лабра, Кәтол, Ҷлоу, Аҽгәара уҳәа афымцамҩангагатә цәаҳәақәа рҿы иҟалаз амашәыр иахҟьаны фымцалашарада иаанхеит. Амашәыр ҟалеит асоура ду иахҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Очамчыратәи АЕС аиҳабы Беслан Шьынқәба.
Егьырҭ араионқәа рзы адыррақәа шьақәдыргылоит. Ҳкьыԥхьымҭақәа шәрышьклаԥшла.
BY Sputnik Аԥсны
Share with your friend now:
tgoop.com/sputnik_apsny_info/7463